Анри Оханашвили – Хара имгакәа ҳара арелигиатә ргыларақәа ахьымӡҕ рыргаразы ашьауҕатә ҭакҧхықәра арҕәҕәара иазку азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа цәыраагоит
Анри Оханашвили – Хара имгакәа ҳара арелигиатә ргыларақәа ахьымӡҕ рыргаразы ашьауҕатә ҭакҧхықәра арҕәҕәара иазку азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа цәыраагоит

Апарламентаҿ иҟоу аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы  Анри Оханашвили иҳәамҭала, иацы Қарҭ,  Самеба аныхабааҿ иҟалаз афакт ажәлар реиҳара рпротест ахылҵит.

Иара иажәақәа рыла, ақьырсианра иақәнагам абри аҩыза ахымҩаҧгашьеи иарбанзаалак арелигиа аҳаҭыр лазырҟәо иарбанзаалак афакти арелигиатә ашьаҭала ацәымҕра аларҵәаразы ареалтә ашьаҭа аҧнаҵоит,  адинхаҵаҩцәа рзы иҧшьоу аҭыҧаҿ, аныхабааҿы абри аҩыза афактқәа ҟамлароуп.

«Аиашаз, иацы Самеба аныхабааҿ иҟалаз афакт Қырҭтәыла азакәан иаҿагылоит, уи азы аконкреттә ашьауҕатә ҭакҧхықәра иазҧхьагәаҭоуп, аха, уажәтәи азакәан абри аҩыза ахымҩаҧгашьазы иахәҭоу аҭакҧхықәра иазҧхьагәанаҭом.

Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҿы,  иаҳҳәап,  Германтәылеи,  Австриеи,  Польшеи,  Бырзентәылеи,  Италиеи,  егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҿы  арелигиатә ргыламҭақәа аҕьымӡҕ рыргаразы аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.

Убри аҟынтә, хара имгакәа, ҳара  арелигиатә ргыламҭақәа аҕьымӡҕ рырҭаразы ашьауҕатә ҭакҧхықәра арҕәҕәара иазку азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа цәыраагоит

Ҳара хықәкык ауп иҳамоу  – арелигиатә ныхабаақәа ахьымӡҕ рыргара аҿагылареи ажәлар рыгәҭа арелигиатә ашьаҭала ацәымҕра аларҵәара аҽацәыхьчареи», – иҳәеит  Анри Оханашвили.