Мшаҧытә литургиа Самеба аныхабааҿы  (афото)
Мшаҧытә литургиа Самеба аныхабааҿы  (афото)

Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама Мшаҧы аныҳәа ду азгәанаҭоит.

Қарҭ, Самеба аныхабааҿы Мшаҧытә литургиа мҩаҧысуеит. Уаҟа еизаз ауаа Апатриарх ибжьагажәа ирзаҧхьеит.

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх ауаа Мшаҧы аныҳәа ду рыдиныҳәалеит.

Иерусалимынтә иааргаз амца цқьа акафедралтә ныхабаашҟа инаган.

Самеба аныхабааҿ Мшаҧытә литургиаҿ иҟоуп Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәҩаы Шьалуа Папуашвилии, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи.

Мшаҧытә литургиа мҩаҧысуеит атәылаҿ иҟу аныхабаақәа зегьы рҿы.