Саломе Зурабишвили – Зҵакы дуу, аҭоурыхтә ҵакы змоу аамҭазы ҳара Америка ҳақәгәыҕуеит, шәара евроинтеграциа анеҩстәи аетапахь аиасразы шәаҳҭахуп, НАТО ашҟа аинтеграциахь ицо амҩаҿ ҧхьаҟа ҳажәгап ҳәа ҳгәыҕуеит
Саломе Зурабишвили – Зҵакы дуу, аҭоурыхтә ҵакы змоу аамҭазы ҳара Америка ҳақәгәыҕуеит, шәара евроинтеграциа анеҩстәи аетапахь аиасразы шәаҳҭахуп, НАТО ашҟа аинтеграциахь ицо амҩаҿ ҧхьаҟа ҳажәгап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Ҳаҧхьаҟа иаҳҭаху  – ауаҩытәыҩса изинқәеи, агәылацәа ҳаҭыр рықәҵареи, аиҵынхареи шьаҭас измоу аҭынчратә иҭышәынтәалоу адемократиатә дунеи ҳаурц азыҳәан ҳаидгылазароуп. Ҳара, ҳаидгыланы, абри аҩыза адунеи аҧаҳҵароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Америка Ахьыҧшымра амш инамаданы Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаҧгаз адкылараҿы данықәгылоз.

«Ҳтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны Америка,  30 шықәса рыҩныҵҟа еснагь ишҳадгылаз, ишҳацхраауаз аадыруеит, ҳара уи еилаҳкаауеит, ахә ҳшьоит.  Ҳара аҳәынҭқарра аргылара апроцессаҿ ацхыраара ҕәҕәа ҳауит. Аекономикатә хьыҧшымра, асоциалисттә економика аҟынтә ареалтә економикашҟа аиасра  —  аброуп Американтә зеиҧшҟамлац ацхыраара ахьҳауз, ҳара уи аадыруеит, уи ахаангьы иҳхашҭуам. Иахьа зеиҧшҟамлац ала ҳшәықәгәыҕуеит. Шәыцхыраара ҳҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп аҭоурыхтә ҵакы змоу абри аамҭазы шәара ҕәҕәала ҳашшәыдгыло.  Шәара евроинтеграциа анеҩстәи аетапахь аиасразы шәаҳҭахуп, НАТО ашҟа аинтеграциахь ицо амҩаҿ ҧхьаҟа ҳажәгап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳара Украина абзоурала, заанаҵы абри ашьаҿа аҟаҵаразы азин ҳауит,  аха, ҳаргьы иҟаҵатәу ҟаҳҵароуп », — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.