Мшаҧытә  литургиа Сиони акафедралтә ныхабааҿы  [афото]
Мшаҧытә  литургиа Сиони акафедралтә ныхабааҿы  [афото]

Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама Мшаҧы аныҳәа ду азгәанаҭоит.

Қарҭ, Сиони акафедралтә ныхабааҿы, Мшаҧытә литургиа мҩаҧысуеит, уаҟа еизаз ауааҧсыра Апатриарх исаламшәҟәы ирзаҧхьеит.

Қырҭтәыла ауааҧсыра Мшаҧы аныҳәа ду рыдиныҳәалеит Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи.

Сиони аныхабаашҟа инаган Иерусалимынтә иааргаз Амца ҧшьа.

Сиони акафедралтә ныхабааҿы Мшаҧытә литургиаҿ иҟан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, атәыла ахада Саломе Зурабишвилии,  азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәеи.

Мшаҧытә анҵәаимаҵзура мҩаҧысуеит Қырҭтәыла иҟоу  аиашахаҵаратә ныхабаақәа зегьы рҿы.