Саломе Зурабишвили – Иахьатәи амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵоуп,  акандидат астатус аиуразы анеҩстәи амзақәа рзы активла аусура ҳазыхиоуп
Саломе Зурабишвили – Иахьатәи амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵоуп,  акандидат астатус аиуразы анеҩстәи амзақәа рзы активла аусура ҳазыхиоуп

«Иахьатәи амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵоуп», — илҩит  Twitter аҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

«Уажәшьҭа ҳара,  акандидат астатус аиуразы, анеҩстәи амзақәа рзы активла аусура ҳазыхиоуп», — илҩит Қырҭтәыла ахада.

Европатәи ахеилак ахада  Шарль Мишель ишааицҳаз ала, Евроеидгыла ахеилак аӡбара аднакылеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива азхаҵаразы, атәыла акандидат астатус аиуеит иазгәаҭоу априоритетқәа рынагӡара ашьҭахь.