Саломе Зурабишвили – Евроинтеграциа арҭбаара инаваргыланы, Қырҭтәыла, аҧсуа бызшәа аиқәыхареи аҿиареи азҵаара азеиҧшевропатәи акультуратә усхәаҧштәс аҟаҵара алшароуп
Саломе Зурабишвили – Евроинтеграциа арҭбаара инаваргыланы, Қырҭтәыла, аҧсуа бызшәа аиқәыхареи аҿиареи азҵаара азеиҧшевропатәи акультуратә усхәаҧштәс аҟаҵара алшароуп

 

«Евроинтеграциа арҭбаара аинаваргыланы, Қырҭтәыла, аҧсуа бызшәа аиқәыхареи аҿиареи азҵаара азеиҧшевропатәи акультуратә усхәаҧштәс аҟаҵара алшароуп», — илҩит асоциалтә аҳаҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

«Иахьа, аҧсуа бызшәа ақәыӡӡара ашәарҭара ианҭагыло, Аҧсуа бызшәа амш аҧсуааи ақырҭуааи рхәыцра мшны иҟалароуп, избанзар, аҧсуа бызшәа иқәыӡӡаар,  аҧсуаа изеиқәхом.

Ҳара аҟәышра ааҳарҧшыроуп, аҟәышра аҟамзаара акатастрофанӡа ҳнанагеит, ашәышықәсарацәа зхыҵуа аҧсуа бызшәа, раҧхьаӡа акәны, ақәыӡӡаара ашәарҭара иҭагылеит.

Евроинтеграциа арҭбаара аинаваргыланы, Қырҭтәыла, аҧсуа бызшәа аиқәыхареи аҿиареи азҵаара азеиҧшевропатәи акультуратә усхәаҧштәс аҟаҵара алшароуп.

Ҵыҧх  «ИУНЕСКО» аҿы ишысҳәаз еиҧш, кавказтәи абызшәақәа реиқәырхара, аҧсуа бызшәагьы инрылаҵаны, иҟалоит жәларбжьаратәи ауаажәларра ацхыраара мацарала», — илҩит   Саломе Зурабишвили.

https://www.facebook.com/zourabichvilisalome/posts/665421971618166