Саломе Зурабишвили – Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа алахәылацәа зегьы сраҭабууп, дара кыршықәса рыҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы алагала ду ҟарҵон
Саломе Зурабишвили – Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа алахәылацәа зегьы сраҭабууп, дара кыршықәса рыҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы алагала ду ҟарҵон

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа аҧҵара инаркны 14 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа ҟалҵеит.

«14 шықәса раҧхьа, иахьатәи амш азы, Евроеидгыла ала Қырҭтәыла ишьаҭаркын Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа, убри ала европаа лабҿаба аадырҧшит Қырҭтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи аиқәыршәара ишазҿлымҳау.  Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа алахәылацәа зегьы сраҭабууп, дара кыршықәса рыҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы алагала ду ҟарҵон», — илҩит Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.