Саломе Зурабишвили  - Бровары иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, иҭахаз ауаа руацәеи, аукраин жәлари, ахада Зеленскии срыдашшылоит, Қырҭтәыла ишәыцгәырҩоит
Саломе Зурабишвили  - Бровары иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, иҭахаз ауаа руацәеи, аукраин жәлари, ахада Зеленскии срыдашшылоит, Қырҭтәыла ишәыцгәырҩоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  украинатәи ақалақь Бровары иҟалаз автокатастрофа иадҳәаланы адашшылара ҟалҵеит.

Саломе Зурабишвили иҭахаз ауаа руацәеи, аукраин жәлари, ахада Зеленскии дрыдашшылеит.

„Бровары иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, иҭахаз ауаа руацәеи, аукраин жәлари, ахада Зеленскии срыдашшылоит, Қырҭтәыла ишәыцгәырҩоит“, – илҩит Саломе Зурабишвили  „Твиттер“аҿы.

Украина, Бровары ақалақьаҿ, Украина Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы адепартамент  иатәыз агежьҧрыга  ахәыҷбаҳчеи анхарҭатә ҩни рааигәара икаҳаит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит  18ҩык, урҭ иреиуп хҩык ахәыҷқәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи.