Саломе Зурабишвили - Ақырҭуа милаҭ аршанхеит, украинатәи жәлар ҳрыдгылоит
Саломе Зурабишвили - Ақырҭуа милаҭ аршанхеит, украинатәи жәлар ҳрыдгылоит

Ҳара украинатәи ажәлар ҳрыдгылоит, арратә операциа аанкыларазы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Slava Ukraini, – илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы.

Зурабишвили лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина имҩаԥнагаз агрессиа ақырҭуа милаҭ аршанхеит. Украинатәи жәлар ҳрыдгылоит, арратә операциа аанкыларазы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Slava Ukraini, – илҩит Қырҭтәыла ахада.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Донбас аҿы арратә операциа алагара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Украина қалақьқәак рҿы аԥжәарабжьы гоит. Владимир Зеленски Украина аҭагылазаашьа ҷыда рылаиҳәеит.