Саломе Зурабишвили  аиталиан жәлар Ареспублика амш рыдылныҳәалеит
Саломе Зурабишвили  аиталиан жәлар Ареспублика амш рыдылныҳәалеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  аиталиан жәлар Ареспублика амш рыдылныҳәалеит.

Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, иааиуа амчыбжь азы лара Италиа даҭаауеит ашәышықәсатәи аимадарақәа иаҳа рырҕәҕәаразы.

«Аиталиан жәлар Ареспублика амш рыдысныҳәалоит! Сынтәа Қырҭтәылеи Италиеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра иазгәарҭоит. Иааиуа амчыбжь азы сара аҳәынҭқарратә визитла Италиа саҭаауеит ҳкультурақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара  ашәышықәсатәи аимадарақәа иаҳа рырҕәҕәаразы», — илҩит Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.