Русҭавели имҩаду аҿы иҟоу аҭагылазаашьа
Русҭавели имҩаду аҿы иҟоу аҭагылазаашьа

Русҭавели имҩаду аҿы азкра ҷыда агәыԥ алахәылацәа акциа аимырпра иалагеит. Урҭ Қашуеҭи аныхабаа ааигәара амитинг алахәылацәа идыргылаз абарикадақәа иқәырхын, акциа алахәылацәа рганахьала аӡыршәга рхы иадырхәит. Уи анаҩс даҽазнык ишьҭын алаӷырӡаагага агаз.Русҭавели амҩаду аҿы акциа алахәылацәа амашьына ирблит.

Азакәанхьчаҩцәа акциа алахәылацәа ааныркылоит. Амитинг алахәылацәа азкра ҷыда агәыԥ алахәылацәа ирҿагылоит, еиуеиԥшым амаҭәарқәа иргәыдырҵоит.

Уажәы акциа алахәылацәа аметро Русҭавели аԥхьа игылоуп.