Роберта Метсола - Европарламент аацҳамҭа абри ауп - Европа ҳҭаацәара ауп ҳәа згәы иаанаго атәылақәа рзы ашәқәа рыркра ҟалом
Роберта Метсола - Европарламент аацҳамҭа абри ауп - Европа ҳҭаацәара ауп ҳәа згәы иаанаго атәылақәа рзы ашәқәа рыркра ҟалом

Европарламент ахантәаҩы  Роберта Метсола иҟалҵаз аҳәамҭала, Европарламент аацҳамҭа абри ауп – Европа ҳҭаацәара ауп ҳәа згәы иаанаго атәылақәа рзы ашәқәа рыркра ҟалом.

Роберта Метсола ари аҳәамҭа ҟалҵеит ақырҭуа журналист лызҵаара иаҭакны.

„Иахьа ари азҵаара Украина Рада аспикери сареи ҳахцәажәеит, иара убас молдоватәии ақырҭуа сколлегацәа рҟны. Европарламент аацҳамҭа абри ауп – Европа ҳҭаацәара ауп ҳәа згәы иаанаго атәылақәа рзы ашәқәа рыркра ҟалом. Европарламент еиуеиԥым аполитикатә гәыԥқәа шәразҵаар, урҭ Евроеидгыла иалалараны иҟоу атәылақәа рыхьӡқәа шәарҳәоит. Ҳазҭагылоу амзазы, ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Европатәи ахеилак аилатәараҿ Европарламент аӡбамҭа шәыдаагалоит“, – илҳәеит Роберта Метсола.