Европарламент Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара абжьагарала Евроеидгыла ахеилак ахь ааҧхьара ҟазҵо арезолиуциа иадгылеит
Европарламент Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара абжьагарала Евроеидгыла ахеилак ахь ааҧхьара ҟазҵо арезолиуциа иадгылеит

Европарламент Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара абжьагарала Евроеидгыла ахеилак ахь ааҧхьара ҟазҵо арезолиуциа иадгылеит. Иара убас, Европарламент Евроеидгыла ахеилак иабжьанагоит Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи Евроеидгылашҟа ралалара иазкны абарҭ атәылақәа рҟны аиҿцәажәарақәа иалагарц.

«Европарламент адепутатцәа Евроеидгыла ахеилакахь ааҧхьара ҟарҵоит  ҧхынҷкәын 14-15 рзы имҩаҧысуа аилатәараҿы, Евроеидгыла алаларазы   Украинеи Молдовеи рҟны аиҿцәажәарақәа иалагарц. Иара убас, ишырҳәаз ала, ареформақәа мҩаҧгахар, Босниеи Герцеговинеи аҟынгьы аиҿцәажәарақәа иалагароуп, Қырҭтәыла акандидат астатус аҭатәуп», — иануп Европарламент аҳәамҭаҿы.

Европарламент адепутатцәа ишырҳәаз ала, Евроеидгыла, аиҿцәажәарақәа рхыркәшаразы, атәыла-кандидатцәа рзы аконкреттә аҿҳәара ҳәаақәырҵароуп. Дара ишырҳәаз ала, ари апроцесс арццакра зыҟалом, акандидатцәа зегьы копенгагентәи акритериқәа ирышьашәалазароуп.