Роберта Метсола - Украина адгылара  аиуроуп, иара убасҵәҟьа Молдовеи,  Қырҭтәылеи,  Босниеи Герцеговинеи
Роберта Метсола - Украина адгылара  аиуроуп, иара убасҵәҟьа Молдовеи,  Қырҭтәылеи,  Босниеи Герцеговинеи

«Украина адгылара  аиуроуп, иара убасҵәҟьа Молдовеи,  Қырҭтәылеи,  Босниеи Герцеговинеи», — илҳәеит Европарламент ахада  Роберта Метсола Евроеидгыла асаммит иалагаанӡа.

«Аиқәшаҳаҭхара еснагь иҟалоит. Арҭбаара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп,  уи аганқәа зегьы ирзыфеидоуп.  Украина аморалтәи,  аполитикатәи,  афинанстәи цхыраара аҭатәуп,  ари атәыла уи ахәҭоуп,  уи ҳхатә шәарҭадаразы ихымҧадоуп. Иара убасҵәҟьа,  Молдовеи,  Қырҭтәылеи,  Босниеи Герцеговинеи ҳрыдгылароуп. Европатәи ахеилак аилатәара цыҧхьаӡаҿы аҳәара саҿуп Болгариеи Румынтәылеи Шенген иалалар шаҳҭаху.  2023 шықәса ҧхынҷкәын ҳҭагылоуп,  ҳара уажәгьы Болгариеи Румынтәылеи ртәылауаа Шенгентәи азонашҟа рыдкылара ҳалацәажәоит, сара уи сызхаҵом», — илҳәеит Роберта Метсола.