Европарламент Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла Ҭамаз Гинтури ишьра иадҳәланы арезолиуциа аднакылеит
Европарламент Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла Ҭамаз Гинтури ишьра иадҳәланы арезолиуциа аднакылеит

Европарламент Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури ишьреи  Леван Доҭиашвили имҵарсреи иадҳәаланы арезолиуциа аднакылеит.

Европарламент алахәылацәа Ҭамаз Гинтури ишьреи  Леван Доҭиашвили закәандарала иаанкылареи ҕәҕәала иақәыӡбит, иара убас,  ауаҩшьра афактқәа зегьы шьаҭанкыла реилыргара иаҳәеит.

Европарламентә алахәылацәа зегьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рымпыҵахалара иақәыӡбоит.

Европарламент Урыстәылахь ааҧхара ҟанаҵоит Евроеидгыла амедиациала  2008 шықәсазы амца аанкыларазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нагӡаны, абарҭ арегионқәа рҟынтә ампыҵахалатә мчқәа алыргарц, ампыҵахалатә режим ала закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы иоурыжьҭырц.

Арегистрациа иахысит Европарламент  552ҩык алахәылацәа, арезолиуциа иадгылеит  495ҩык, быжьҩык иақәшаҳаҭымхеит.