Reuters – Урыстәыла Аокеан ҭынч аҿы арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара иалагеит
Reuters – Урыстәыла Аокеан ҭынч аҿы арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара иалагеит

Урыстәыла Аокеан ҭынч аҿы арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара иалагеит.

Reuters аинформациа ишану ала, азыҟаҵарақәа ирылахәып  40 еиҳаны арратә аҕбақәеи  20 ҳаирпланқәеи авертолиотқәеи.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, азыҟаҵарақәа раан аҕбатә гәыҧқәеи амшынтә авиациеи аӡаҵантәи анышьқәа раарҧшразы рҽазыҟарҵоит.