Reuters - Польша ишаанацҳаз ала, Швециеи Финлиандиеи НАТО иалалаанӡа ирықәлар, Польша арҭ атәылақәа ирыцхраауеит
Польша Швециеи Финлиандиеи ирыцхрауеит арҭ атәылақәа НАТО иалалаанӡа ирықәлар. Reuters адыррақәа рыла, ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Польша аҧыза-министр Матеуш Моравецки.
Иара иажәақәа рыла, Швециеи Финлиандиеи НАТО ашҟа ралалара Европа ашәарҭадара арҕәҕәоит.
«Аргама аасыцҳар сҭахуп, алалара апроцесс аан Швециеи Финлиандиеи ирықәлар, Польша арҭ атәылақәа ирыцхраауеит», — иҳәеит Моравецки.
Иацы Финлиандиеи Швециеи НАТО алаларазы аофициалла азыҳәамҭа ҟарҵеит.