Реџьеп Таип Ердоҕан  -  Урыстәылеи Америкеи ахаҭарнакцәа Анкара ианеицәажәа ашьҭахь ишсарҳәаз ала, иарбанызаалак ганк атомтә бџьар ахы ианархәом
Реџьеп Таип Ердоҕан  -  Урыстәылеи Америкеи ахаҭарнакцәа Анкара ианеицәажәа ашьҭахь ишсарҳәаз ала, иарбанызаалак ганк атомтә бџьар ахы ианархәом

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, ҳазну амчыбжь алагамҭаз Урыстәылеи Америкеи ахаҭарнакцәа Анкара ианеицәажәа ашьҭахь ишиарҳәаз ала, иарбанызаалак ганк атомтә бџьар ахы анархәом. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  „Роитер“.

„Идуӡӡоу жәа-ҳәынҭқаррак“ асаммит аҟынтә даныхынҳәуаз  иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы Ердоҕан ишазгәеиҭаз ала, адунеитә еибашьра ҿыц аҽацәыхьчара амзызла,  Урыстәылеи Америкеи ахаҭарнакцәа лассы-лассы еиҧылалароуп.

Ашәахьазы, Анкара, Америка Аҧшыхәратә агентра хада адиректор Уилиам Бернси Урыстәыла Адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура анапхгаҩы Сергеи Наришкини еиҧылеит.