Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла аҧыза-министри ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит
Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла аҧыза-министри ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Қырҭтәыла аҧыза-министри ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.

Ердоҕан ишазгәеиҭаз ала,  Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи, уажәеиҧш наҟ-наҟгьы арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иазықәҧоит.

«Хаҭала сареи аҭырқәа жәлари ҳахьӡала, шәареи ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалоит.

Гәыкала агәра згоит астратегиатә партниорцәа: Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи, уажәеиҧш ҳаҧхьаҟагьы ҳрегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишазықәҧо.

Хаҭала шәара агәабзиареи анасыҧи шәзеиҕьасшьар сҭахуп, ақырҭуа жәлар  — мышәхыбзазареи аиҭаҿиареи», — иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада.