Никол Ҧашиниани  Реџьеп Таип Ердоҕани аҭелтә аиҿцәажәараан аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иалацәажәеит
Никол Ҧашиниани  Реџьеп Таип Ердоҕани аҭелтә аиҿцәажәараан аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иалацәажәеит

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп Таип Ердоҕани аҭелтә аиҿцәажәараан аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иалацәажәеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр иаппарат.

Администрациа адыррала, атәылақәа рнапхгаҩцәа атәылақәа рыбжьаара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара аҵакы иазааҭгылан,  ишазгәарҭаз ала,  уи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара иацхраауеит.

Иара убас, аларҵәара зауз аинформациала, Iәамахьтәыла аҧыза-министр аҭырқәа лидер Курбан-баирам аныҳәа идиныҳәалеит.   Реџьеп Таип Ердоҕан Шәамахьтәыла аҧыза-министр идиныҳәалеит иааиуа аныҳәа Вардавар  — Иаса Қьырса иҽеиҭакра аныҳәа.