Ҭырқәтәыла ахада Путин иахь ааҧхьра ҟаиҵеит Украина амца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩырц
Ҭырқәтәыла ахада Путин иахь ааҧхьра ҟаиҵеит Украина амца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩырц

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан аҭелтә еиҿцәажәараан Путин ишиеиҳәаз ала,  Ҭырқәтәыла украинатәи акризис ҭынч аҭыҧқәҵараҿы алагала аҟаҵара иазыхиоуп. Ари атәы аарыцҳаит аҭырқәа АИХ.

Аинформациа инақәыршәаны,  Ердоҕан Путин иеиҳәеит зыҧшра ҟамҵакәа амца ааныркылар, агуманитартә проблемақәа рҭыҧқәҵара рылшоит.

Ҭырқәтәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла,  Ердоҕан Путин иахь ааҧхьра ҟаиҵеит Украина амца аанкыларазы аҭынчратә аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩырц.