Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала,   Ҧашиниан, Ҕарибашвили ила, аиҧыларазы аҳәара изынаишьҭит
Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала,   Ҧашиниан, Ҕарибашвили ила, аиҧыларазы аҳәара изынаишьҭит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иинформациа инақәыршәаны,   Шәамахьтәыла ахада Никол Ҧашиниан,  Қырҭтәыла аҧыза-министр Ҕарибашвили ила, аиҧыларазы аҳәара изынаишьҭит.

«Зангезуртәи акорридор аартра  —  аполитикатә зҵаароуп.  Сгәы ишаанаго ала, ганкахьала, Ҧашиниан Зангезуртәи акорридор аартра дақәшаҳаҭым, егьи аганахьала дысҧылар иҭахуп. Сиҧылар иҭахызар, заанаҵы шьаҿақәак ҟаиҵароуп, ҳара ҳзы аиҧылара азҵаара иаркым. Зыӡбахәы ҳәоу аиҧылара мҩаҧгахар, Ҭырқәтәыла адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылоит», — иҳәеит аҭырқәа лидер.

Ҭырқәтәыла ахада ишиҳәаз ала, Зангезуртәи акорридор аартра Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.

Ердоҕан иҳәамҭала, Ҧашиниан диҧылар шиҭаху азы адырра иоуит Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟынтә.