Реџьеп Таип Ердоӷан - Польша иҟалаз аԥжәареи Урыстәылеи шеидҳәалам агәра згоит
Реџьеп Таип Ердоӷан - Польша иҟалаз аԥжәареи Урыстәылеи шеидҳәалам агәра згоит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Польша иҟалаз аԥжәареи Урыстәылеи шеидҳәалам агәра згоит.

“Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит ари ахҭыс ҳадҳәалам ҳәа, Баиден иҳәеит арҭ аракетақәа урыстәылатәи акәӡам ҳәа, ари ала иубарҭоуп, аԥжәареи Урыстәылеи шеидҳәалам “, –иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан апрессконференциа аҿы.

Ердоӷан иажәақәа рыла, аҭагылзаашьа ҭҵаатәуп.