Реџьеп Таиф Ердоӷан - Украина ақәлара иреалым сценари ауп, Украина иӷәӷәоу ҳәынҭқарроуп
Реџьеп Таиф Ердоӷан - Украина ақәлара иреалым сценари ауп, Украина иӷәӷәоу ҳәынҭқарроуп

Украина ақәлара иреалым сценари ауп, Украина иӷәӷәоу ҳәынҭқарроуп, – иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиф Ердоӷан.

Ердоӷан иажәақәа рыла, Урыстәыла абри еиԥш ашьаҿа ҟанаҵар,  Москва адунеи зегьы иҟоу аҭагылазаашьеи ахатә ҭагылазаашьеи ибзиаӡаны иазхәыҵроуп.

“Аполитика аҭоурых аҟынтә аибашьра аныхтәуп, арегион даҽа еибашьрак азычҳауам,”- иҳәеит Ердоӷан.