Рашәара 17 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ
Рашәара 17 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ

Европеи Азиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Карен Донфрид Қырҭтәылеи Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи дырҭаауеит.

Аҳәынҭқарратә департамент аинформациа аҿы ишану ала, авизит хықәкыс амоуп Америка адгылара аарԥшра Аахыҵ Кавказтәи арегион аҟны аҭынчреи,адемократиеи абзиареи рзы.

Аҳәынҭдепартамент аҟынтә ишаарыцҳаз, Карен Донфрид рашәара 17 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит, аҳәынҭмаӡаныҟәӷаҩ ихаҭыԥуаҩ дааԥхьоуп Саломе Зурабишвили лыԥшьгарала имҩаԥысуа аҳәса жәлрбжьаратәи рконферренциа. Иара убас, Донфирд Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии аиҳабыра рхаҭарнакцәеи дырԥылоит.

Иара убас, апланқәа ирылоуп аоппозициа рхаҭарнакцәеи атәылауаҩратә уаажәларра ахаҭарнакцәеи рҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара.