Қырҭтәыла даҭааит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ
Қырҭтәыла даҭааит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ

Аахыҵ Кавказ ахь авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла даҭааит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Ерика Олсон.

Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа ала, амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ аԥыза-министри, Адәныҟатәи аусқәа рминистри, аполитикатә спектр ахаҭарнакцәеи дырԥылоит.

Иара убас, Ерика Олсон акультуратә уснагӡатәқәа дрылахәхоит, иара убас ЕАШ-и Қырҭтәылеи рстратегиатә хықәкқәа рҿиара ирыдҳәалоу ацҳаражәҳәара апроект иазку адыррақәа лоуеит.