Келли Дегнани Ерика Олсони аоппозициаа рхаҭарнакцәа ирԥылоит
Келли Дегнани Ерика Олсони аоппозициаа рхаҭарнакцәа ирԥылоит

Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лрезденциаҿ аоппозициаа рхаҭарнакцәа рҟны аиԥылара мҩаԥысуеит. Келли Дегнани Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Евроазиа азҵаарақәа рзыуаҩ Ерика Олсони аоппозициаа рхаҭарнакцәа ирԥылоит.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ишалыцҳаз ала, аиԥылара рхы аладырхәоит аоппозициатә дпутатцәа – Хаҭуна Самниӡе, Саломе Самадашвили, Зура Гирчи Џьаԥариӡе, Бадри Џьаԥариӡе, Гиорги Вашаӡе, апартиа “Қырҭтәылазы” ахаҭарнак Наҭиа Мезвришвили.

Аиԥылара иалагаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз ала, иазааҭгыларан иҟоуп атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа цәгьа.