Карен Донфрид даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла ишадгыло ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы алиансқәа ралхра апроцесс аҿы
Карен Донфрид даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла ишадгыло ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы алиансқәа ралхра апроцесс аҿы

Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҿы иҟоу Европеи Евразиеи рбиуро аинформациа аланарҵәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Карен Донфриди Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании рҭелтә еиҿцәажәара иазкны.

«Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Карен Донфрид  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ҭелла диацәажәан, даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит  Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьыл акзаареи, иара убас, ахатә шәарҭадара аиқәыршәаразы алиансқәа ралхразы иамоу азини ишадгыло», — иануп аҳәамҭаҿы.

Уаанӡа зыӡбахәы ҳәоу аҭелтә еиҿцәажәара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистргьы. Давиҭ Залкалиани ишазгәеиҭаз ала, Америкеи Қырҭтәылеи уажәазы имҩаҧысуа апроцессқәа рзы ргәаанагарақәа еиҧшуп.