Қырҭтәылеи Италиеи зыҩаӡара ҳараку адиалог ашьақәыргылара иазку адекларациа рыбжьарҵоит
Қырҭтәылеи Италиеи зыҩаӡара ҳараку адиалог ашьақәыргылара иазку адекларациа рыбжьарҵоит

Иахьа Қырҭтәылеи Италиеи зыҩаӡара ҳараку адиалог ашьақәыргылара иазку адекларациа рыбжьарҵоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Рим ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Илиа Дарчиавшиил ишиҳәаз ала, зыҩаӡара ҳараку адиалог аформат ҿыц иаҵанакәеит зҵакы дуу хырхарҭақәак: атәылахьчареи ашәарҭадареи, аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, акультура-аҵаратәи хырхарҭақәеи. Иара ишазгәеиҭаз ала, ари аплатформа абзоурала, ҩ-тәылак русеицура аҩаӡара шьҭыҵуеит.

Италиа ивизит данахцәажәоз, Илиа Дарчиашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ Италиа аҟынтә атәыла иаиуа адгылара аҵакы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аусуратә визитла Италиа дыҟоуп. Адәныҟатәи аусбарҭа анапхгаҩы Италиа азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәа дырҧылоит.