Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәылеи Азербаиџьани реиҳабырақәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Қырҭтәылеи Азербаиџьани ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа аусеицура дырӷәӷәоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла атәылахьчара министрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, атәылахьчара ахырхарҭала аусеицура иазку ирҿыцу аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Азербаиџьан ахь Атәылахьчара аминистр ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

“Џьуаншер Бурҷулаӡеи азербаиџьантәи иколлега дидикылеит. Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Зақир Ӷасанов иҭабуп ҳәа иаиҳәеит адкылареи, астратериатә партниорреи  рзы.

Аганқәа ирыхәаԥшит ҩганкалатәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ихадоу азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи.

Аиԥылара ашьҭахь Џьуаншер Бурҷулаӡе иколлега лақара 26 рзы Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш инамаданы имҩаԥысуа ауснагӡатә ахь дааиԥхьеит.