Иахьа ашырҧазы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа инагоуп авакцина Astrazeneca 43000 адозақәа.
Зыӡбахәы ҳәоу адозақәа авакцина Astrazeneca раҧхьатәи адоза ҟазҵахьоу ауааҧсыра ирызкуп.
Аҩбатәи адоза аҟаҵаразы арегистрациа иацы иалагеит. Раҧхьатәи адоза ҟазҵаз атәылауаа 4 – 12 мчыбжьы рышьҭахь аҩбатәи адоза ҟарҵароуп.
Амедицинатә усбарҭақәа аҩбатәи адоза аҟаҵара иалагоит лаҵара 10 инаркны.