Қырҭтәыла визитла дыҟоуп Италиа атәыахьчаратә мчқәа реиҳабы
Қырҭтәыла визитла дыҟоуп Италиа атәыахьчаратә мчқәа реиҳабы

Қырҭтәыла аофициалтә визитла дыҟоуп Италиа атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, адмирал Џьузепе Каво Драгоне. Италиатәи адмирал Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани диԥылеит. Аиԥылараҿ аминистр италиатәи аган Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи, асуверенитети, евроатлантикатәи аструктурақәа рахь аинтеграциа амҩаҿ адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Иракли Чиқовани Қырҭтәыла ахыхьчаралшара азҳара апроцесс аҿы Италиа ароль дахцәажәеит.

Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Ньаргь Маҭиашвили Италиа атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, адмирал Џьузепе Каво Драгоне дидикылеит.

Аԥылара аофициалтә церемониа ашьҭахь аколлегацәа атәылахьчара ахырхарҭаҿ аусеицура азҵаарақәеи аперспективақәеи ирыхәаԥшит.