Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра - Евроеидгыла есышықәсатәи аҳасабырбаҿ Ассоциирра иазку аиқәшаҳаҭра анагӡараҿ Қырҭтәыла ақәҿиара аарԥшуп, иазгәаҭоуп иашьҭанеиуа аинклиузивтә реформа ахымԥадара
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра - Евроеидгыла есышықәсатәи аҳасабырбаҿ Ассоциирра иазку аиқәшаҳаҭра анагӡараҿ Қырҭтәыла ақәҿиара аарԥшуп, иазгәаҭоуп иашьҭанеиуа аинклиузивтә реформа ахымԥадара

Европа ахеилак аланарҵәеит Ассоциирра иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара есышықәсатәи аҳасабырба.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аинформациаҿ ишану ала, Евроеидгыла есышықәсатәи аҳасабырбаҿ Ассоциирра иазку аиқәшаҳаҭра анагӡараҿ Қырҭтәыла ақәҿиара аарԥшуп.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аинформациаҿ ишазгәаҭоу, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ирыбжьоу Ассоциирразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ақәҿиарақәа иубарҭоуп аҭыԥантәи закәанԥҵараҿ Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазкы аиқәшаҳаҭра аганахьала (DCFTA).

2021 шықәсазы атәыла адемократиатә шьаҭақәа ашәарҭа иҭагылеит  – азакәан аиҳаӡара аганахьала. Ари ала иубарҭоуп адемократиатә консолидациеи, азинӡбара ахырхаҭаҿ ареформақәеи. аполитикатә полиаризациа армаҷреи азақәан аиҳаӡареи рхырхарҭақәа ишырӡыцтәуп. Ари зегьы Қырҭтәыла европатәи амҩаҿ ацхраауеит.

Аинформациаҿ иашазгәаҭоу, Евроеидгыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылара нанагӡоит.