Қырҭтәыла иахьа амч аиуеит "апаспорт иаҵәа"
Қырҭтәыла иахьа амч аиуеит "апаспорт иаҵәа"

Қырҭтәыла иахьа амч аиуеит “апаспорт иаҵәа”

Атәылауаҩ а”апаспорт иаҵәа” ауира илшоит:

алаҵа аҩ дозак изыҟаҵазар;

Covid-19 ихигахьазар (акоронавирус изышьақәиӷәӷәеижьҭеи 14 мш рышьҭахь);

аҵыхәтәантәи  72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу  PCR тест иҵоурам аҭак имазар;

аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу  антиген азы атест иҵоурам аҭак имазар;

арҭ активтә ацҵақәа имазар  CovidPass Georgia და Georgia e-Health.

“Апаспорт иаҵәа” аиура рылшоит арҭ акритериқәа ирышьашәалоу Қырҭтәыла атәылауааи атәым тәылауааи.

Ацҵа Georgia e-Health App store-и Google store-и рҟынтә ахҩылаара ҟалоит. Ацҵа ахҩылаара анеҩс, атәылауаҩ имариоу арегистрациа дахысуеит, убри анеҩс, авакцинациа иазку аинформациа наӡа автоматла аарҧшызаауеит. Раҧхьа иргыланы, программаҿы аарҧшызаауеит PCR тестирреи ковид-инфекциа ахгареи иазку аинформациа. Атәылауаҩ ианашьоу QR код ахьубарҭоу ацҵа ала астатус иаҵәа ашьақәырҕәҕәара ҟалоит.

“Апаспорт иаҵәа” хымҧада ицәыргатәуп абарҭ аусбарҭақәа рҿы:

• акрыфаратә обиектқәа;
• аресторанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, абарқәеи иаарту, иара убас, иарку ақәыҧшыларақәа рҿы;
• агәырҿыхаратә центрқәа;
• акинотеатрқәеи, атеатрқәеи, аопереи, амузеиқәеи;
• аконцерттә залқәа;
• аказиноқәеи ахәмарратә бизнес аобиектқәеи;
• спа-центрқәа;
• афитнес-залқәа;
• асасааирҭақәа;
• ашьхатә курортқәа рҿы иҟоу ашахамҩақәа.

1. Ауаажәларратә транспорти адәқьанқәеи рҿы ”апаспорт иаҵәа” ацәыргара хымҧадахом.
2. Ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа рҿы „апаспорт иаҵәа“ рымзароуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.
3. Ацҵа ахархәара злымшо ауааҧсыра Аиустициа аҩнаҿы иргароуп авакцинациа наӡа иазку адокумент, атестқәа ирызку аилкаагақәа ргар рылшоит иашьашәалоу алабораториақәа рҿы.
4.Евроеидгыла абазаҟны асинхронизациа апроцесс мҩаҧысуеит, хара имгакәа ари азҵаара иазку инарҭбаау аинформациа еилкаахоит.

5. 18 шықәса зхымҵыц ауааҧсыра зыӡбахәы ҳәоу аобиектқәа рҿы ”апаспорт иаҵәа” ахархәара рҭаххом, аҳәаанырцә идәықәло рыда, дара рҭаацәа, рхылҵ рстатус иазку аинформациеи рхылҵ рдыррақәеи рцәыргара рылшоит.

Ихҩылаа ацҵа  Georgia e-Health:  iPhone азы – App Store аҟынтә; Android азы – Google Play аҟынтә.

Иацҵаны аинформациа аиура шәылшоит асаит аҿы www.provax.ge

Иара убас аинформациа аиура ҟалоит абарҭ аномерқәа рахь шәасыр: 1505, 144, 1522.