"Апаспорт иаҵәа" иадҳәаланы лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәеи аҭакқәеи
"Апаспорт иаҵәа" иадҳәаланы лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәеи аҭакқәеи

Атуризм азы амилаҭтә администрациа аланарҵәеит “Апаспорт иаҵәа” иадҳәаланы лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәеи аҭакқәеи.

Ԥхынҷкәын 1 инаркны асасцәа “апаспорт иаҵәала” ирылшоит:

акрыфаратә обиектқәа;  аресторанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, абарқәеи иаарту, иара убас, иарку ақәыҧшыларақәа рҿы; агәырҿыхаратә центрқәа; акинотеатрқәеи, атеатрқәеи, аопереи, амузеиқәеи; аконцерттә залқәа; аказиноқәеи ахәмарратә бизнес аобиектқәеи; спа-центрқәа; афитнес-залқәа; асасааирҭақәа; ашьхатә курортқәа рҿы иҟоу ашахамҩақәа рҭаара.

„Апаспорт иаҵәа“ рымзароуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.

 

Астатус иаҵәа ианашьоуп:

  • авакцинациа наӡа иахысыз (ма)
  • аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу  PCR атест иҵоурам аҭак змоу (ма)
  • аҵыхәтәантәи 24 саакҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу антиген-атест лас иҵоурам аҭак змоу  (ма)
  • ковид-инфекциа зхызгахьоу

 

Ауаҩҧсы астатус иаҵәа ианбаирҭо?

  • авакцина аҩбатәи адоза аныҟаиҵалак ашьҭахь
  • атестирра маҩаҧызго аусбарҭа ала PCR ма антиген-атест лас иҵоурам аҭак азеиҧш дыррақәа рсистема алагалара ашьҭахь
  • ковид аофициалла ашьақәырҕәҕәара инаркны 14 мшы рышьҭахь

 

Апаспорт иаҵәа закәызеи?

  • «CovidPass Georgia» –  аппликациаҿы арегистрациа ахысра ала ишәанашьоу QR код  (ма)
  • moh.gov.ge– асаит аҿы арегистрациа ала ишәанашьоау  QR код  (ма)
  • Қырҭтәыла авакцинациа ацентрқәеи, аклиникақәеи, Аиустициа аҩнқәеи рҿы икьыҧхьу  адокумент  (ковид карта) QR код ала  (ма)
  • Евроеидгыла иалоу,  «EU Digital COVID Certificate» асистема иалахәы даҽа тәылак аофициалтә усбарҭа ала икьыҧхьу адокумент  QR код ала ма аелектронла ианашьоу  QR код алаАпаспорт иаҵәа авалидациа ишҧамҩаҧгатәу?
  • „CovidPass Georgia“ аппликациа QR аҧхьага ала, ма
  • moh.gov.geQR аҧхьага ала
  • „CovidPass Georgia“ аппликациа QR аҧхьага ахархәаразы аппликациа мацара ихҩаалатәуп, егьырҭ адыррақәа алагалара аҭахым

Амониторинги асанкциақәеи

  • Амониторинг мҩаԥнагоит Аџьаус аинспекциазы амаҵзура
  • Аобиект ахь “астатус иаҵәа” змам ахаҿы днарыжьҭыр, аиуристтә хаҿы 10 000 лари иаҟароу ахараԥса иқәҵахоит, аиндивидуалтә хаҿы – 2000 лари.

Атехникатә проблемақәа раан ҳзыдҵаалода?

  • 144 –аиҳабыратә  иаку Ацәаҳәа ҷыда
  • 1505 –Агәабзиарахьчара аминистрра Ацәаҳәа ҷыда
  • 1522 –Авакцинациа ацәаҳәа ҷыда
  • 0800800909 – Қырҭтәыла атуризм амилаҭтә администрациа ацәаҳәа ҷыда
  • Аелектронтә ҧошьҭа: [email protected]