Аҳәаанырцәҟа ацаразы  «апаспорт иаҵәа» зҭаху ауааҧсыра, ҧасеиҧш ари амеханизм рхы иадырхәар рылшоит
Аҳәаанырцәҟа ацаразы  «апаспорт иаҵәа» зҭаху ауааҧсыра, ҧасеиҧш ари амеханизм рхы иадырхәар рылшоит

Аҳәаанырцәҟа ацаразы  «апаспорт иаҵәа» зҭаху ауааҧсыра, ҧасеиҧш ари амеханизм рхы иадырхәар рылшоит, — аиҳабыра радминситрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы Гьаргь  Гибраӡе.

Гьаргь Гибраӡе ишиәҳаз ала,  акоронавирус афактқәа рырацәара амшала, зыӡбахәы ҳәоу асистема усҟак алҵшәа ахылҵуам, убри аҟынтә, атәыла аҩныҵҟа  «зеленый паспорт» ацәыргара ахымҧадара иҟам, аха, аҳәаанырцәҟа ацаразы  «апаспорт иаҵәа» зҭаху ауааҧсыра, ҧасеиҧш ари амеханизм рхы иадырхәар рылшоит.

«Омикрон» аштамм ирласӡаны аларҵәареи ачымазара аҧсыҽреи  амшала,  адунеитә аҧышәа иазҧхьагәаҭаны,  жәабран 1 инаркны Қырҭтәыла  «апаспорт иаҵәа» ацәыргара ахымҧадара иаҧыхуп,  аха, ашәҟәҭаҩратә системақәа зегьы аусура нарыгӡоит,  аҳәаанырҵәҟьа ацаразы  «апаспорт иаҵәа» зҭаххо ауааҧсыра,  ҧасеиҧш ари асистема рхы иадырхәар рылшоит.

Авирус аҿкаара афактқәа шырацәахазгьы,  ҳара аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит,  агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара ацымлеит,  ачымазаҩцәа реиҳара аҩны рҽырыхәшәтәуеит,  урҭ рҭагылазаашьа иахылаҧшуеит аҭаацәаратә ҳақьымцәа.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ачымазара ахьанҭахара аҽацәыхьчаразы авакцинациа иамоу аҵакы. Ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧқәа ирыҵанакәа ауааҧсыра,  ргәабзиара аҭагылазаашьа еицәамхарц азыҳәан,   авакцинақәа рзыҟаҵара азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Зыӡбахәы ҳәоу агәыҧқәа рыгәҭа авакцинациа апроцесс арҭбаара амзызла, жәабран азгьы апрограмма ҷыда нагӡахоит,   50 шықәса еиҳаны зхыҵуа ауааҧсыра авакцина актәи адоза аныҟарҵалак  200 лари роуеит,  иара убас,  100 лари роуеит абустертә дозазы», — иҳәеит Гьаргь Гибраӡе.