Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Кременчуг ахәаахәҭратә центр аҿы аҭыԥ змаз ацәгьаура иазкны аҳәамҭа ҟалҵеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Кременчуг ахәаахәҭратә центр аҿы аҭыԥ змаз ацәгьаура иазкны аҳәамҭа ҟалҵеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Кременчуг Кременчуг ахәаахәҭратә центр аҿы аҭыԥ змаз аракетақәа рылахысра иазкны асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы аҳәамҭа ҟалҵеит.

Қырҭтәыла ахада украинатәи жәлар адгылара рзаалырԥшит.

„Кременчуг иҟалаз ацәгьаура акадрқәа анызбо, ажәылара инамаданы Украина адгылара азаасырԥшыр сҭахуп. Даҽа́знык исҳәар сҭахуп: ахақәиҭра, ахьыԥшымра еснагь аиааира ргоит”, – илҩит Зурабишвили.