Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Серабиа аҧыза-министр Саша Мали дицны, ақалақь аҿиара апроект Belgrade Waterfront ибеит
Сербиа иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Серабиа аҧыза-министр Саша Мали дицны, ақалақь аҿиара апроект Belgrade Waterfront ибеит. Михаил Ҟавелашвили ицын иҧҳәыс Ҭамар Багратионии ақырҭуа делегациеи.
Belgrade Waterfront — 3 миллиард адоллар иаҧсоу ақалақь аҿиара апроектуп, уи ақалақьтә центр ҿыци жәларбжьаратәи ахырхарҭа ҿыци раҧҵара иазкуп. Апроект еицымҩаҧыргоит Сербиа аиҳабыреи аилахәыра Eagle Hills Property-и.
Ақырҭуа делегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, апарламент алахәылацәа — Иракли Мезурнишвилии, Ирма Заврадашвилии, Гурам Маҷарашвилии, Сербиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Бериӡеи, Қырҭтәыла ахада иадминистрациа ахаҭарнакцәеи.