Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи ашьауҕа рхихит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи ашьауҕа рхихит.
Ари атәы иануп Михаил Ҟавелашвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Ҟавелашвили агәыҕра ду имоуп наҟ-наҟ дара азакәан пату ақәҵаны аполитикатә усура нарыгӡап ҳәа.
„Иацы аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рзы алхратә субиектқәа ррегистрациа хыркәшан. Арегистрациа иахысыз аполитикатә аидҵарақәа иреиуп апартиа – „Қырҭтәыла ҕәҕәа – Лело“, ари апартиа алидерцәа аконкреттә ацәгьауразы апенитенциартә усбарҭаҿы азыӡба рхыргоит.
Ҳәарада, дара ишҭакугьы, ахаланапхгаратә алхрақәа раан аконкуренциа иҟазаауеит. Мчыбжьқәак раҧхьа сара ашьауҕа рхыхра рыдазгалеит, аха, дара мап ркит, убри ала апрезидент иинститут аҳаҭыр ладырҟәыр рҭахын.
Аха, уезгьы, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа раан аконкуренциа иҟамызт ҳәа аӡәгьы имҳәарцаз, сара аӡбара сыдыскылеит ҩыџьа абаандаҩцәа – Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи ашьауҕа рхыхразы. Сара агәыҕра ду сымоуп ҳаҧхьаҟа дара азакәан пату ақәҵаны рполитикатә усура нарыгӡап ҳәа.
Алхратә субиектқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа ҭынч рымҩаҧгара иацхраарц. Амуниципалитетқәа рҿиареи ауааҧсыра ринтересқәа рынагӡареи гәыкала иазҿлымҳау алхратә субиектқәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит“, – иануп Михаил Ҟавелашвили иҳәамҭаҿы.