Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адунеи зехьынџьара еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла азгәарҭоит
Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адунеи зехьынџьара еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла азгәарҭоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҽалархәрала, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш  – лаҵара  26, адунеи зехьынџьара еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла азгәарҭоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррала, Ахьыҧшымра амш инамаданы, ишаҧу ала, адунеи еиуеиҧшым аҭыҧҷыдақәа Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашоит.

„Канада, ихынтәны, Лаҵара  26 иазку ауснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Ниагаратәи аӡхыҽҽаҿы ицәырҵуеит Қырҭтәыла абираҟ асахьа. Иара убас, ишаҧу ала, Лиетува ацҳа хадақәеи, Каунас ахадара ахыбреи, иара убас, Австралиа амилаҭтә Карилион ахыбреи  Қырҭтәыла амилаҭтә символ аҧштәқәа рыла идырлашоит.  Аргентина атәыла азакәанҧҵаратә орган Қырҭтәыла абираҟ аҧштәҟқәа рыла идырлашоит. Иара убас, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы  „ADNOC“ ахыбра дырлашоит Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла, Саудтәи Аравиа еицырдыруа ахыбра  – „Kingdom Tower“-и Ҭырқәтәыла Измир асимвол хада  – Асааҭ абааши ҳтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашоит.

Лаҵара  26 азгәаҭаразы Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашоит Азербаиџьан  „Геидар Алиев ицентр“, Кипр Никозиа ашҭа хада, Кореиатәи ареспубликаҿ  Сеул ахадара ахыбра,  Шәамахьтәыла аҳҭнықалақьаҿ Қырҭтәыла абираҟ асахьа зну абилбордқәа дыргылоит, Ирландиа ашҭа хадаҿы Қырҭтәыла абираҟқәа дыргылоит, Болгариа  Акультура амилаҭтә ахани Бырызентәыла, Афины аӡхыҽҽа хадеи  Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашоит.  Абри аҩызаҵәҟьа ауснагӡатәқәа мҩаҧгахоит егьырҭ европатәи ақалақьқәа рҿгьы.

Иара убас, Ниу-Иорк имҩаҧгахоит Қырҭтәыла абираҟ ашьҭыхра ацеремониа, Италиа, Бар ақалақь ахадара ахыбраҿ Қырҭтәыла абираҟ шьҭырхуеит. Бельгиа, ишаҧу ала, Бриуссель асимвол, еицырдыруа аскульптура   – Manneken-Pis ақырҭуа чоха ашәҵара ацеремониа мҩаҧгахоит.

Аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭақәа реиҿкаарала, адунеи зехьынџьара еиуеиҧшым акультура-арккаратә уснагӡатәқәа мҩаҧгахоит.

Ахьыҧшымра амш инамаданы акультура-арккаратә уснагӡатәқәа мҩаҧгахоит Иапониеи, Румынтәылеи, Швеицариеи, Австриеи, Венгриеи, Бразилиеи, Кубеи, Германтәылеи, Даниеи, Британиа Дуи, Италиеи, Ватикани, Франциеи, Испаниеи, Португалиеи, Естониеи, Чехиеи, Хорватиеи, Польшеи, Латвиеи, Словениеи, Молдовеи, Сербиеи, Норвегиеи, Швециеи, Финлиандиеи, Египти, Катари, Израили,  Иорданиеи, Ирани, Аргентинеи, Мексикеи,  Малазиеи, Китаии, Индиеи, Ефиопиеи, Ҭырқәтәылеи, Казахстани, Узбекистани, Женевеи.