Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа  Ҭырқәтәылантә ироуеит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа  Ҭырқәтәылантә ироуеит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа  Ҭырқәтәылантә ироуеит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррала,  иахьа аминистрраҿы аҭырқәа еилахәыра ахаҭарнакцәа рҟны аиҧылара мҩаҧган.

«Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла  Атәылахьчара аминистрреи  Ҭырқәтәыла Амилаҭтә тәылахьчара аминистрра иаҵанакәа аилахәыра ASFAT-и аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи ашьаҭала, Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа  Ҭырқәтәылантә ироуеит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа.

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа абри атехникала аиқәыршәара Қырҭтәыла ахьыхьчаралшара аизырҳареи Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура арҕәҕәареи иацхраауеит», — иануп аинформациаҿы.