Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы Америкатә ар 250 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы визитла Германтәыла дыҟоуп. Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аинрал-леитенант Гьаргь Маҭиашвили Америкатә ар 250 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит. Ақырҭуа аинрал ари аусмҩаҧгатәахь ааҧхьара иоуит Европеи Африкеи рҿы Америкатә ар анапхгаҩы аинрал Кристофер Донахиу ихаҭа иҟынтә.
«Аусмҩаҧгатә аҿы ақырҭуа аинрал Америка ар анапхгаҩы ари аиубилеи идиныҳәалеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылахьчара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Америкеи русеицура ахырхарҭақәа ирылацәажәеит. Аинрал-леитенант Гьаргь Маҭиашвили америкатә аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа ирзаадырҧшуа адгыларазы», — иануп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.