«Agile Spirit 2023» иалагеит аҳаир-десанттә арбаратә азыҟаҵарақәа рыла
«Agile Spirit 2023» иалагеит аҳаир-десанттә арбаратә азыҟаҵарақәа рыла

Қырҭтәыла  11-нтә имҩаҧысуеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа «Agile Spirit 2023».  Азыҟаҵарақәа раартра аофициалтә церемониа мҩаҧган НАТО-Қырҭтәылатәи аҵаратә центр аполигонаҿ.

Америкатә ар Европатәи анапхгара  173-тәи  бригада имҩаҧнагеит аҳаир-десанттә азыҟаҵарақәа.

Вазиани аполигонаҿ адесант артәара аоперациа шымҩаҧысуаз рбеит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа аинрал-маиор Гьаргь Матиашвилии, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, ахыхьчара азҵаарақәа рзы атташе, аполковник Џьозеф Бильбои, Атәылахьчаратә мчқәа анапхгареи.

Азыҟаҵарақәа  «Agile Spirit 2023»  хықәкыс ирымоуп Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи Америка Иеиду амчқәеи, аидгылаҩцәеи реишьашәалазаара аизырҳареи, аоперативтә алшарақәа реизырҳареи.