Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра  амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  «Agile Spirit 2021» ирылахәыз арратә техника аиҭаҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра  амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  «Agile Spirit 2021» ирылахәыз арратә техника аиҭаҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра  амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  «Agile Spirit 2021» ирылахәыз арратә техника аиҭаҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аминистрра адырра ала, ҧхынгәы  26 инаркны нанҳәа  6-нӡа Қырҭтәыла имҩаҧысуеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа   «Agile Spirit 2021».

Уажәазы имҩаҧысуа аҽазыҟаҵаратә процесс ала иазҧхьагәаҭоуп азыҟаҵарақәа ирылахәы Қырҭтәылеи апартниор тәылақәеи рырратә техника азыҟаҵарақәа ахьымҩаҧысуа араионқәа  — Сенакии, Орполои  Вазиании рахь амҩангара.

«Ақырҭуа акәылӡытә техника Сенакинтә Орполоҟа ииасуеит уаҵәы, ҧхынгәы 22 рзы. Арратә колонақәа еиҭаҵуеит  амагистраль  Сенаки-Леселидзеи Хашури-Ахалцихе-Валеи ала, убри инамааданы, абарҭ амҩақәа рҿы аиҭаҵра ҧкызаауеит. Атәылахьчара аминистрра ауааҧсыра рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵоит аиҭаҵра аҧкразы», — иануп арратә усбарҭа аҳәамҭаҿы.