Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр дидикылеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр дидикылеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Азербаиџьан ахада ипресс-маҵзура.

Аинфомациа ишану ала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Азербаиџьани Қырҭтәылеи рыбжьара еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала аҿиара иаҿу аиҩызаратәи аешьаратәи еизыҟазаашьақәа.

Азербаиџьан ахадеи Қырҭтәыла атәылахьчара аминистри аусеицура арҭбаара аперспективақәеи арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәеи ирылацәажәеит.