Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иапониа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иапониа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ Имамура Акира диҧылеит.

Аиҧылараҿы Иапониеи Қырҭтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи аусеицура ахырхарҭақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, аҵыхәтәантәи аамҭазы зыҩаӡара ҳараку аимадарақәа рырлахҿыхра ахә ршьоит. Аҧыза-министр Иапониа ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит аекономикатә усеицура азҵаарақәагьы. Иаҵшьны иазгәаҭан ҳаҧхьаҟа атәылақәа рыбжьра аекономикатә усеицура арҭбаара аҵакы. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, ари аус иацхраар ауеит 2019 шықәсазы ишьаҭаркыз абизнесфорум аплатформа.

Аиҧылара алахәылацәа атуризм аусхкы аҿы аусеицурагьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиапон аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара есышықәса иазҳауеит, атәыла аиҳабыра иаҳа ирацәаны аиапон туристцәа рыдыҧхьалра иазҿлымҳауп, убри азыҳәан еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара ргәы иҭоуп. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра,  Иапониа ахырхарҭала ишиашо авиареисқәа рымҩаҧгаразы аусура алагара иазыхиоуп.

Аиҿцәажәара аан ҷыдала иазгәаҭан ковид-19 апандемиа аан Иапониа аҟынтә атәыла иаиуз ацхыраара аҵакы, аиҳабыра рнапхгаҩы уи азыҳәан аиапон дипломат ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.