Қырҭтәыла аҧыза-министр аполитикатә зҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аполитикатә зҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ибжьагаҩ Дерек Шоле диҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Дерек Шоле Қырҭтәыла ивизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, ари авизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Америка ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло.
Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рстратегиатә партниорреи ҳаҧхьаҟа аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, 30 шықәсатәи апартниорра ала лабҿаба иубарҭоуп америкатә аган аҟынтә адгылареи ацхыраареи Қырҭтәыла адемократиатә институтқәеи, ахыхьчаратә лшарақәеи, аекономикатә аҿиареи арҕәҕәара ишацхраауа.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьа иалацәажәеит. Америкатә аган ахаҭарнак даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.
Иара убас, аиҿцәажәараан, арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.
Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун Украина имҩаҧысуа аибашьра, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла, аполитикатә аҩаӡареи, жәларбжьаратәи аформатқәеи рҿы, иара убас, агуманитартә ганахьалагьы Украина адгылара нанагӡоит. Иахьа уажәраанӡа Украинаҟа идәықәҵоуп 500 тонна еиҳаны агуманитартә аидара. Ақырҭуа аган уажәазы Қырҭтәыла иҟоу, аибашьра амшала азарал зауз украинаа ирыцхраауеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара аҵакы, аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, атәыла анапхгара ари апроцесс аҿы Америкаҟны аусеицура аҵакы ҷыда анаршьоит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит америкатә аган аҟынтә – Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, Жәларбжьааратәи аҿиара агентра анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Марк Симаковскии, атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ иофис ахаҭарнак (Балканқәеи, Кавкази, Амшын еиқәа арегиони азҵаарақәа рзы) Џьеисон Ҳеми, Дерек Шоле ибжьагаҩ Флоренц Еқиними. Ақырҭуа аган аҟынтә – аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе.