Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили абизнесомбудсменс Оҭар Данелиа дҟаиҵеит.
Иахьа Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра радминситрациаҿы Оҭар Данелиа диҧыланы, ҳаҧхьаҟа иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, абизнес ацхраара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп, убри аҟынтә, абри асектор адгылара ҕәҕәа амазаауеит, избанзар абизнес аҿиара аекономикатә азҳареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи иацхраауеит.
Аҧыза-министр абизнесомбудсмен аконкреттә адҵақәа иҭаны, ишазгәеиҭаз ала, абизнес аҟны иаартны аусуреи, аҧынгылақәеи абиурократиеи излауа ала армаҷреи аҵакы ду амоуп. Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан абизнес ала аҳәынҭқарратә сервисқәа рхархәара апроцесс аиҕьтәра аҵакы ду шамоу.
Иахьанӡа Оҭар Данелиа аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр актәи ихаҭыҧуаҩс дыҟан, Қырҭтәыла абизнесомбудсмен инапынҵақәа налыгӡон абизнесомбудсмен ихаҭыҧуаҩ Нино Квенетаӡе.