Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, алхрақәа реиҭамҩаҧгара азҵаара иалацәажәом
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, алхрақәа реиҭамҩаҧгара азҵаара иалацәажәом

 

 

Алхрақәа реиҭамҩаҧгареи алхрақәа ирыдҳәалоу егьырҭ азҵаарақәеи ҳрылацәажәом, ҳара аҳәынҭқарратә институтқәа русура аанкылара ҳгәы иҭам, —   асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе.

«Апандемиа шыҟоугьы, 2 миллионҩык раҟара ҳуааҧсыра  алхрақәа рхы рыладырхәит, ҳара урҭ иҟарҵаз алхра гәҩарас иҳзыҟаҵом. Егьырҭ азҵаарақәа рзы аоппозициа рҟны адиалог мҩаҧаагоит, ҳаиқәшаҳаҭхаргьы ҟалоит, аха аоппозициа аӡбара иаша рыдыркылароуп. Ацҳаражәҳәаҩцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа раҳҳәоит адиалог иахьацхраауа азыҳәан», — иҳәеит Ҭалакваӡе.

Ақырҭуа оппозициа жьҭаара 31 рзы атәылаҿы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхарҵом, дара апарламент алаларазы мап ркит. Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа еиҿыркааз адиалог макьана алҵшәа ахылымҵыцт.  Иацы аоппозициа ацҳаражәҳәаҩцәа ирызцәырыргеит акризис алҵразы еиқәдыршәаз аплан. Уи иану ажәалагалақәа иреиуп Қырҭтәыла изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара азҵааразы аплебисцит амҩаҧгара.