Қырҭтәыла апарламент  «Ақырҭуа гәахтәы» ахаҭарнакцәа ицәырыргаз Украина адгыларатә резолиуциа аднакылеит
Қырҭтәыла апарламент  «Ақырҭуа гәахтәы» ахаҭарнакцәа ицәырыргаз Украина адгыларатә резолиуциа аднакылеит

Қырҭтәыла апарламент  «Ақырҭуа гәахтәы» ахаҭарнакцәа ицәырыргаз Украина адгыларатә резолиуциа аднакылеит. Адокумент иадгылеит 74ҩык адепутатцәа. Абжьыҭиразы арегистрациа иахысит  107ҩык адепутатцәа.

Иахьа апарламент аҿы ирыдыркылаз арезолиуциа атекст цәырыргеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа.

Арезолиуциа атекст ишану ала,  Қырҭтәыла,  ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә акзаара еилазгаша иарбанызаалак аҽазышәара иақәыӡбоит.

«Қырҭтәыла апарламент напхгагас иамоуп атәыла Аконституциеи,  азакәани,  жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи;

Қырҭтәыла жәларбжьратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аҭынчреи аусеицуреи апринципқәа рышьақәыргылареи рызхаҵареи иадгылоит;

жәларбжьаратәи  аиҿкаареи жәларбжьаратәи уаажәларра азеиҧш нормақәеи ирықәныҟәоит;

Украина иҟалар зылшо аескалациеи ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә акзаара еилазгаша аҽазышәареи иақәыӡбоит,  избанзар уи Украина мацара акәымкәа,  арегионалтә аҭынчреи ашәарҭадареи иаҧырхагоуп;

аанацҳауеит  иарбанызаалак ихьыҧшым аҳәынҭқарра Аҩадаатлантикатә алианс алалара азин шамоу,  арра-политикатә хархәагақәа рыла ари азин аҧкра шыҟамло;

иҧхьанаӡоит  жәларбжьаратәи аиҩызара Украина аибашьра ашәарҭара аҧыхра иазҿлымҳзароуп ҳәа;

иарбанызаалак арратә ескалациа амшала азарал заур зылшо аукраин жәлар ирыдгылоит.

Қырҭтәыла апарламент Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит  адипломатиатә хархәагақәа зегьы рхы иархәаны,  жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны еиқәшаҳаҭны,  Украина аибашьра ашәарҭара аҧыхра аус аҿы алагала аҟаҵара нарыгӡарц», — иануп арезолиуциа атекст аҿы.